- Заглавие:
Аԥсны атопонимика
- Автор:
Кәарҷиа В. Е.
- Место издания:
Аҟәа
- Издатель:
[s. n.]
- Дата издания:
2002
- Объём:
688 д.
- Сведения о библиографии:
Библиогр.: с. 686-687
- Аннотация:
Аԥхьаҩ идгалоу амонографиа "Аԥсны атопонимика" автор, афилологиатә наукақәа ркандидат В. Е. Кәарҷиа, 1983 шықәса аахыс инапы алакуп Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа реизгара, рыҭҵаара. Уи иазкны иҭижьхьеит «ҩ-шәҟәыки ԥыҭк астатиақәеи. Ари иҩымҭа ихнаркәшоит кыршықәсатәи иусура. Раԥхьаӡа акәны џьарак еизгоуп ажәытә ҩырақәеи, архивқәеи, ахсаалақәеи рҿы иуԥыло Аԥсны иадҳәалоу аҭыԥхьыӡқәа, еидкылоуп, акы-ҩба ракәымзар иахьа ажәлар рҿы ахархәара змоу атопонимқәа зегьы. Автор дырзааҭгылоит агеографиатә терминқәа, аҭыԥхьыӡқәа зырҿио атопоформантқәа, аморфологиатә, асинтаксистә зҵаарақәа, афонетикатә, асемантикатә процессқәа уҳәа егьырҭгьы. Хазы иарбоуп иузеилымкаауа ма иаԥсуа хылҵышьҭрам ахьыӡқәа, ирзааҭгылоуп Аԥсны аҭоурыхтә географиа апроблемақәагьы. Аусумҭа аҩбатәи азбжа жәархәҭоуп. Ахьӡқәа раионла, қыҭа-қыҭала, ҳабла-ҳаблала еидкылоуп. Раионцыԥхьаӡа ашьхақәеи, аӡқәеи хаз-хазы иалкаауп, аҭыԥхьыӡқәа иахьынӡауа иахьыҟоу арбоуп. Ашәҟәы иара убас алфавит жәар-арбага ацуп. Аусумҭа "Аԥсны атопонимика" хархәага дууп абызшәеи, аҭоурыхи, аетнографиеи, агеографиеи уҳәа ҭызҵаауа рзы адагьы, Аԥсны аҵараиурҭақәа русзуҩцәеи арҵаҩцәеи рызгьы.
- Язык текста:
Абхазский
- Электронная версия:
- Перейти
Библиографический источник
Аԥсны атопонимика
В. Е. Кәарҷиа